Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәымшира! Шәара ҳауаажәлар рҿы ҩашьара зқәым политикуп, ҳаҭыр-пату шәықәуп, агәрагарагьы шәымоуп. Иахьа ишәымоу агәрагара иалҵшәаны ҳҳәынҭқарраҿы ишьақәырӷәӷәахап ҳәа ҳақәгәыӷуеит уи аҿиаразы зда имаҭәам - азакәан ақәныҟәара алеишәа.
Ишәзеиӷьасшьоит имариам, насгьы аҭакҧхықәра ду зцу шәусураҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи!
Ҳаҭырла,
Аҧсны Арбитражтә усӡбарҭа анапхгаҩы Ф. А. Кәыҵниаҧҳа
Вторник, 06 апреля 2021 11:36
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамшы инамаданы адныҳәалара!
Опубликовано в
Новости